Мариам Қвривишвили Ҭырқәтәылатәи Ареспубликахь аусуратә визит ала дцеит
Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Мариам Қвривишвили Ҭырқәтәылатәи Ареспубликахь аусуратә визит ала дцеит.
Аекономика Аминистрра иҟанаҵаз адыррақәа рыла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Мариам Қвривишвили Ҭырқәтәыла аенергетикеи аԥсабаратә аагарҭақәеи рминистр Алпарслан Баирактар диԥылоит.
Аиԥылара рхы аладырхәуеит Ҭырқәтәылатәи аенергоеилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Қырҭтәылатәи аделегациа иалоуп аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Цинцаӡеи “Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә електросистема” анапхгаҩы Вано Зардиашвилии.