Мариам Қвиривишвили Азербаиџьан Аекономика аминистр диԥылеит
Мариам Қвиривишвили Азербаиџьан Аекономика аминистр диԥылеит

Қырҭтәыла Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвили Азербаиџьан лофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан Аекономика аминистр Микаел Џьабаров диԥылеит.

Қырҭтәыла Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рзы аминистрра аинформациала, аиԥылараҿ Азербаиџьан Аекономика аминистр Мариам Қвривишвили Қырҭтәыла Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рзы аминистрс лықәылгылара лыдиныҳәалан, ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит.

Аусҳәарҭа аинаформациала, аиԥылараҿ аганқәа ҩганкалатәи ахәаахәҭра-аекономикатә еизыҟазаашьақәа рҿы ихадароу азҵаарақәеи, аусеицура аперспективақәеи, арегионтә ҵакы зму аинфораструктуратә проектқәеи ирыхәаԥшит.

Аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аекономикеи ишьақәгылоу аҿиареи рзы аминистр лхаҭыԥуаа Геннади Арвелаӡеи Гурам Гурамишвилии, Азербаиџьан иҟоу Қырҭәтыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патариӡеи.