Мамука Мдинараӡе Ермантәыла амилаҭтә шәарҭадара Амаҵзура аиҳабы Андраник Симониан дидикылеит
Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Мамука Мдинараӡе Қарҭ визитла иҟоу Ермантәыла амилаҭтә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Андраник Симониан дидикылеит.
Аиԥылараҿы Қырҭтәылеи Ермантәылеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Аганқәа аусеицура арҵауларазы иҟоу аперспективақәеи, ашәарҭадараахырхарҭала аусеицура аҿиаразы алшарақәеи арегион аҿы иҟоу ауадаҩрақәеи ирыхәаԥшит. Мамука Мдинараӡе Кавказ аҭынчра аиқәыршәареи арӷәӷәареи рҿы Қырҭтәыла амоу ароль дазааҭгылеит.
Мамука Мдинараӡе Андраник Симониан Қырҭтәыла аҭааразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, авизит аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.