Мамука Мдинараӡе - Ашьаустә закәанеидкылаҿ еиҭашьақәгылахоит “Амилаҭтә ҵысра” аԥнахыз аԥсадгьыл аԥсахра иазку ахәҭаҷ
Мамука Мдинараӡе - Ашьаустә закәанеидкылаҿ еиҭашьақәгылахоит “Амилаҭтә ҵысра” аԥнахыз аԥсадгьыл аԥсахра иазку ахәҭаҷ

 Ашьаустә закәанеидкылаҿ еиҭашьақәгылахоит “Амилаҭтә ҵысра” иаԥнахыз аԥсадгьыл аԥсахра иазку ахәҭаҷ, – иҳәеит апарламенттә аиҳара рлидер Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе ишазгәеиҭаз ала, апарламент аиҳара ари аӡбамҭа иахьатәи аилатәараҿы ирыдыркылеит.

“Ҳара иҳадаҳкылаз аӡбамҭала, Қырҭәыла ашьаустә закәанеидкылаҿ еиҭашьақәгылахоит “Амилаҭтә ҵысра” иаԥнахыз аԥсадгьыл аԥсахра иазку ахәҭаҷ. Ари аӡбамҭа нанҳәатәи еибашьранӡа рыдыркылеит, 2007 шықәса мшаԥы мзазы”, – иҳәеит Мамука Мдинараӡе.