Мака Боҷоришвили UNESCO аконферренциа хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Silk Road Samarkand комплекс аҿы ақырҭуа апавилион аалыртит
Мака Боҷоришвили UNESCO аконферренциа хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Silk Road Samarkand комплекс аҿы ақырҭуа апавилион аалыртит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Самарканд имҩаԥысуа UNESCO аконферренциа хада 43-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Silk Road Samarkand комплекс аҿы ақырҭуа апавилион аалыртит.

Аусмҩаԥгатә аартра ацеремониа далахәын UNESCO адиректор хада Одре Азуле.

Ацәыргақәҵа Қырҭтәыла иматериалтәым акультуратә ҭынха – қвеври аҿы аҩыҟаҵара атрадициеи ақырҭуа полифониатә музыкеи – иазкуп. Ацәыргақәҵа Акультура аминистрреи Аҩы азы амилаҭтә агентреи еиҿыркааит.

Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп ақырҭуа ҩы иадҳәалоу здаҟам аекспонатқәа ркопиақәа. Иара убас, апавилион аҿы UNESCO Адунеизегьтәи аҭынхақәа рсиа ианылаз ақырҭуа архитектуратә баҟақәеи иматериалтәым аҭынхақәеи зну астендқәа аарԥшуп.