Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ Ишизука Ҳидеки диԥылеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәеи ганрацәалатәи аусеицуреи ирызку азҵаарақәа ирыхәаԥшит.
Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Қырҭтәылеи Иапониеи русеицура апозитивтә динамика ахәшьара ҳарак аҭан, ҷыдала иазгәаҭан аусеицура арҭбаара алшарақәеи аполитикеи, ахәаахәыҭра-економикатәи, атуристтәи, акультуратәи ахырхарҭақәа рыла аусеицура наҟ-наҟтәи аперспективақәеи.
“Аиԥылараҿ иахцәажәеит арегион аҟны имҩаԥысуа апроцессқәеи иҟоу ауадаҩрақәеи. Ацҳражәҳәаҩ даҽазнык шьақәирӷәӷәеит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло“, – иануп аҳәамҭа аҿы.