Мака Боҷоришвили - Қырҭтәыла имҩаԥысуа апроцессқәа иобиективу ахәшьара рыҭатәуп, ииашоу аҳәамҭақәа рыҟаҵара аҵак ҷыда амоуп
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аккредитациа змоу адипкорпус ахаҭарнакцәа рааԥхьара хықәкыс аман жҭаара 4 рзы имҩаԥгаз алхрақәеи аҟалаз ахҭысқәеи ирызкны инарҭбааны адыррақәа рыҭара, – илҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили.
Боҷоришвили лажәақәа рыла, ацҳаражәҳәаҩцәа ауаажәлар ишиашоу аефир ала ирбаз ахҭысқәа ирызку адыррақәа рыҭан.
Боҷоришвили инаҵшьны иазгәалҭеит, ацҳаражәҳәаҩцәа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь лахь рыҭаразы иааԥхьамызт.
“Жьҭаара 4 рзы ибзиоу мшын, амра каххаа иԥхон, аполитика аганахьалагьы зегьы ҷықәӡа иҟан. Еиуеиԥшым атәылақәеи рхаҭарнакцәеи иҟарҵаз аҳәамҭақәа атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ииашаны иаанарԥшӡом. Ҳара ацҳаражәҳәаҩцәа ҳрықәыӡбомызт; ҳрыԥхьеит обиективтә аинформациа раҳрҭарц азы”, -илҳәеит Боҷоришвили.