Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Лихтенштеин вице-аԥыза, Адәныҟатәии, аԥсабарахьчареи аультуреи рминистр Забине Монауни дылԥылеит.
Аиԥылараҿ аминистрцәа ҩганкалатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи ҩтәылак рыбжьара ганрацәалатәи аформат аҿы аусеицуреи рызҵаарақәа ирыхәаԥшит. Аминистрцәа аусеицура арҭбааразы апотенциал иахцәажәеит.
Иара убас аганқәа адунеи арегиони рҿы ашәрҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иазцәажәеит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лихтенштеин вице-аԥыза, Адәныҟатәии, аԥсабарахьчареи аультуреи рминистр аинформациа лылҭеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Лихтенштеин вице-аԥыза, Адәныҟатәии, аԥсабарахьчареи аультуреи рминистр Қырҭтәылахь даалыԥхьеит.