Мака Боҷоришвили Испаниа имҩаԥысуа ЕАР аԥшьбатәи жәларбжьаратәи аконференциа далахәуп
Мака Боҷоришвили Испаниа имҩаԥысуа ЕАР аԥшьбатәи жәларбжьаратәи аконференциа далахәуп

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Испаниа имҩаԥысуа ЕАР аԥшьбатәи жәларбжьаратәи аконференциа далахәуп.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, аконференциа ишьақәгылоу аҿиара афинансркра азҵаарақәа ирызкуп.

“Ари аконференциа жәларбжьаратә афинанстә архитектура ареформақәеи ЕАР Ишьақәгылоу аҿиара хықәкқәа (SDGs) рынагӡареи иахьрыхәаԥшуа жәларбжьаратәи платформоуп. Аконференциа рхы аладырхәоит аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи, адәныҟатәи аусқәеи афинансқәеи рминистрцәеи, ачынуааи. Аконференциа алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылоит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереши Испаниа аԥыза-министр Педро Снчеси. Аконференциа ааиртуеит Испаниа аҳ Филипп VI. Мака Боҷоришвили дықәгылоит ахадаратә дебатқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны”, – аарыцҳаит адәныҟтәи аусҳәарҭа аҟынтә.