Мака Боҷоришвили Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит
Мака Боҷоришвили Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит

“Дубровник 2025” афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Бразилиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мауро Виеира диԥылеит.

Аиԥылараҿ ирзааҭгылеит Қырҭтәылеи Бразилиеи ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицура аперспективақәеи. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылазы Алатинтә Америкеи Карибтәи аҵакыреи рҟны аусеицура аҵаки ари аус аҿы Бразилиа амоу ароли.

Аминистрцәа атәылақәа рыбжьара аусеицура аҿиара аперспективақәа ирыхәаԥшит. Аиԥылраан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рыхцәажәеит.