Лос-Анџьелес абылра аан иҭахаз рхыԥхьаӡара 16-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Лос-Анџьелес абылра аан иҭахаз рхыԥхьаӡара 16-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Лос-Анџьелес амцакраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 16-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Амедицинатә експертизазы адепартамент аинформациа ала, Пасифик-Палисеидстәи араион аҟны хәҩык ҭахеит, жәеизаҩык – Пасадена ақалақь аладахьала.

Аекспетцәа ргәанагарала, аԥсҭбарақәа рхыԥхьаӡара иазҳар ҟалап.

CNN ишаанацҳауа ала, Пасифик-Палисеидстәи араион аҟны амцакра 11% алокализациа азууп, аха уажәы амца Брентвуди егьырҭ аиланхарҭақәеи рахь ииасыр ҟалап. 100 000-ҩык аевакуациа иазыԥшуп.

Калифорниаҽ зымҽхак ҭбаау амцакра ҟалеит. Амца ахыҵхырҭа ажьырныҳәа 7 рзы Пасифик-Палисеидстәи араион аҟны аарԥшын, аԥша ӷәӷәа иахҟьаны уи ирласӡаны аларҵәара аиуит. Иблит жәеизанызқь иреиҳаны аҩнқәа.