Лос-Анџьелес амцакраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 11-ҩык рҟынӡа инаӡеит, – аанацҳаит ВВС.
Амедицинатә експертизазы адепартамент аинформациа ала, Пасифик-Палисеидстәи араион аҟны хәҩык ҭахеит, фҩык – Пасадена ақалақь аладахьала.
Калифорниаҽ зымҽхак ҭбаау амцакра ҟалеит. Амца ахыҵхырҭа ажьырныҳәа 7 рзы Пасифик-Палисеидстәи араион аҟны аарԥшын, аԥша ӷәӷәа иахҟьаны уи ирласӡаны аларҵәара аиуит. Иблит жәанызқь иреиҳаны аҩнқәа.