Ллоид Остин - Қырҭтәыла – ҳара ҳзы зеиҧшҟамлац аҵакы змоу регионуп, сара шәтәыла саҭааит Қырҭтәылагьы адунеигьы агәра дсыргарц ҳаизыҟазаашьақәа шыбзиоу
Ллоид Остин - Қырҭтәыла – ҳара ҳзы зеиҧшҟамлац аҵакы змоу регионуп, сара шәтәыла саҭааит Қырҭтәылагьы адунеигьы агәра дсыргарц ҳаизыҟазаашьақәа шыбзиоу

Қырҭтәыла – ҳара ҳзы зеиҧшҟамлац аҵакы змоу регионуп, сара шәтәыла саҭааит Қырҭтәылагьы адунеигьы агәра дсыргарц ҳаизыҟазаашьақәа шыбзиоу, — иҳәеит Америка атәылахьчара аминистр Ллоид Остин  Қырҭтәыла атәылахьчара аминистри иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

CBS News  арепортиор Ллоид Остин диазҵааит Қырҭтәыла ивизит хықәкыс иамои ҳәа.

«Сара Қырҭтәыла саҭааит ҳпартниорра шыҕәҕәоу шьақәсырҕәҕәарцаз. Ҳара ҳзы ари арегион аҵакы ду амоуп. Ҳинтересқәеи ҳпринципқәеи  еиҧшуп, ашәарҭадара аусхкы аҿы ҳусеицура арҕәҕәаразы алшара дуқәа шыҟоу аабоит.  Иахьа абра сыҟоуп  ҳпартниорра ахә шаҳшьо агәра шәсыргарц азыҳәан», — иҳәеит  Ллоид Остин.