Ливан аҟынтә Израиль ахырхарҭала 40 ракета рышьҭит
Ливан аҟынтә Израиль ахырхарҭала 40 ракета рышьҭит

Ливан аҟынтә Израиль ахырхарҭала 40 ракета рышьҭит.

Израильтәи аихқәа ишаарыцҳаз, Меронтәи ашьха аҵакыраҿ атҟәацрақәа ҟалеит. Израиль аҩадатәи аҳәаа ааигәара иҟоу 90 аиланхарҭақәа рҿы ашәарҭарардырра бжьы гон.

Аԥсыҭбарақәеи аԥхасҭеи ирызку адыррақәа макьана иҟам. Аракетақәа анырышьҭ ашьҭахь, Израиль арратә хәҭақәа аладатәи Ливан аҵакыра абомбақәа ақәрыжьит.

Аракетақәа рышьҭразы аҭакԥхықәра ахахьы агеит ливантәи ашиитә гәыԥ “Хезболла”.