Литва Қырҭтәыла иазоунашьҭит авакцина  15 000 адозақәа

«Литва аиҳабыра  «Мрагыларатә партниорра» иалоу атәылақәа ирзоунашьҭит акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина 200 000 адозақәа,  урҭ рыгәҭа,  15 000 адозақәа Қырҭтәыла иазкуп», — иҩит  Twitter аҿы Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Лансбергис.

Иара ишиҩыз ала,  100 000 адозақәа Украина иазкуп,  15 000 адозақәа Қырҭтәыла аиуеит,  11 000  – Молдова.

Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр авакцинақәа рыхкқәа дрыламцәажәеит.