Лиетува визитла иҟоу Олаф Шольц Балиатәи атәылақәа рлидерцәа дырԥылоит
Лиетува визитла иҟоу Олаф Шольц Балиатәи атәылақәа рлидерцәа дырԥылоит

Лиетува визитла иҟоу Германтәыла аканцлер Олаф Шольц Балиатәи атәылақәа рлидерцәа дырԥыланы, Нато мрагыларатә афланг ашәарҭадара азҵаарақәа дрыхцәажәоит.

Украинаҿ Урыстәыла аибашьра алагеижьҭеи, ари Олаф Шольц Лиетуваҿ раԥхьаӡатәи ивизитуп.

“Асаммит аҿы аанкыларантә ахыхьчарахь аиасра азҵаарақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхап ҳәа сгәыӷуеит, абаталонқәа рҟынтә абригадақәа рахь, аҳауатә аԥшыхәра аҟынтә аҳауатә жәыларахь”, – иҳәеит Германтәыл аканцлер.

Латвиеи, Лиетувеи Естониеи Нато зықҩыла арратә маҵзуҩцәа гылоуп.