Леван Жоржолиани Европеи Ацентртә Азиеи рҿы UNICEF арегионалтә директор дылҧылеит 
Леван Жоржолиани Европеи Ацентртә Азиеи рҿы UNICEF арегионалтә директор дылҧылеит 

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани Европеи Ацентртә Азиеи рҿы UNICEF арегионалтә директор Реџьина Де Доминичис дылҧылеит.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылаҿ  UNICEF аусура ахырхарҭа хадақәеи уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра рызун ахәыҷқәа рзинқәеи, агәабзиарахьчареи, аҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. 

Иара убас, аиҧылараҿы наҟ-наҟтәи аусеицура априоритетқәа ирзааҭгылеит. Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ЕАР агентрақәеи рҽалархәрала,  уажәтәи анапхгаратә комитет арҭ априоритетқәа активла аус рыднаулоит.  

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ишиҳәаз ала, ЕАР агентрақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рпрограмма шьаҭас иаиуа аусеицура аҳәаақәҵара иаҿуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым апрограммақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны активла аусеицура ишазыхиоу шьақәдырҕәҕәеит.