Леван Саникиӡе – Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргылара мацара акәымкәа, иара идҳәалоу егьырҭ азинтә аҧкрақәагьы иаҳа ирласны имҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит
Леван Саникиӡе – Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргылара мацара акәымкәа, иара идҳәалоу егьырҭ азинтә аҧкрақәагьы иаҳа ирласны имҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит

«Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргылара мацара акәымкәа, иара идҳәалоу егьырҭ азинтә аҧкрақәагьы иаҳа ирласны имҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит апартиа  «Акзаара — Амилаҭтә ҵысра» алидер  Леван Саникиӡе Европарламент адепутат Михаель  Галлер иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

«Иванишвили изы Франциа иаҵанакәа рацәоуп, избанзар, иара ари атәыла датәылауаҩуп.  2012 шықәсанӡа ифранцыз паспорт дшеиҷаҳауаз ҳгәалашәоит, иара изы уи аевакуациатә плануп. Иара афранцыз паспорт абзоурала асанциақәа дрыцәцоит ҳәа игәы иаанагоит. Иҭаацәара уа инхоит, уа амал ду рымоуп, убри аҟынтә, афранцызцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа иара изы аҵакы ду рымоуп. Франциеи, Америкеи, Британиа Дуи изышьақәдыргыло асанкциақәа аҵакы ду рымоуп. Арҭ аҳәынҭқаррақәа изакәытә нырроу ирымоу аадыруеит. Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргылара мацара акәымкәа, иара идҳәалоу егьырҭ азинтә аҧкрақәагьы иаҳа ирласны имҩаҧгахап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Саникиӡе.

Европарламент адепутат  Михаель  Галлер ишиҳәаз ала,  «Орбан Евроеидгыла асанкциақәа дрықәшаҳаҭымхар, анагӡаратә мчы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны еиқәшаҳаҭны, Иванишвили иҿагыланы ашьаҿақәа ҟарҵароуп».