Леван Маҷавариани – Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҕәҕәала рҽаланагалоит, «Аҳәынҭқарра ҵаула» ақырҭуа агентцәа ахҭысқәа ррадикализациазы адҵақәа рырҭоит
Леван Маҷавариани – Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҕәҕәала рҽаланагалоит, «Аҳәынҭқарра ҵаула» ақырҭуа агентцәа ахҭысқәа ррадикализациазы адҵақәа рырҭоит

«Америка ацҳаражәҳәарҭа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҕәҕәала рҽаланагалоит, «Аҳәынҭқарра ҵаула» ақырҭуа агентцәа ахҭысқәа ррадикализациазы адҵақәа рырҭоит», — иҩит  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Леван Маҷавариани асоциалтә аҳақәа рҿы.

Иара иажәақәа рыла, аиҳара алидер ҕәҕәала акритика шырзиуазгьы, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа ҧаса ирҳәоз ауп уажәгьы ирҳәо.

«Ҭакҧхықәрала исҳәар сылшоит Америка ацҳаражәҳәарҭа ахада Трампи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Рубиои рприоритетқәа рынагӡаразы акгьы шыҟанамҵо, уи еиҳангьы, ацҳаражәҳәарҭа дара аргама излацәажәаз априоритетқәа ирҿагыланы аус ауеит  — Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаланагалоит, ақырҭуа агентцәа  аҭагылазаашьа арадикализациа иазкны иацҵаны адҵақәа рырҭоит.   Аиҳара алидер ҕәҕәала акриткиа шырзиуазгьы, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа ҧаса ирҳәоз ауп уажәгьы ирҳәо», — иҳәеит Маҷавариани.