Леван Иоселиани - Игры нхыҵ инхо аԥсуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп, аибашьраан иаҳцәыӡыз агәрагара ахынҳәра ҭынч мҩала мацара ҳалшоит
Леван Иоселиани - Игры нхыҵ инхо аԥсуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп, аибашьраан иаҳцәыӡыз агәрагара ахынҳәра ҭынч мҩала мацара ҳалшоит

Игры нхыҵ инхо аԥсуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп, аибашьраан иаҳцәыӡыз агәрагара ахынҳәра ҭынч мҩала мацара ҳалшоит, – иҳәеит Игрытәи ацҳаҿ иҟаз Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани.

Иоселиани иажәақәа рыла, ҭынч аицынхара ада даҽа мҩа иҟаӡам.

“Игры нхыҵ инхо аԥсуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааԥхьара ҟасҵар сҭахуп, ҭынч аицынхара ада даҽа мҩа иҟаӡам, аибашьраан иаҳцәыӡыз агәрагара, аизыаҟзаашьақәа рырхынҳәра ҭынч мҩала мацара ҳалшоит.

Ауаҩытәыҩа изинқәа ҳрыхцәажәозар, аҭынчра ахьыҟам, уа ауаҩытәыҩа изинқәагьы иҟам, аибашьра ахьыҟоу, уа ауаҩытәыҩса изинқәа рыхцәажәара алшара ҳамам. Раԥхьаӡа иргыланы, иаҳзеиԥшу ҳазхәыцроуп, иаҳцәыӡыз аиҭашьақәыргылара ишԥаҳалшо ҳәа ҳәазхәыцроуп, ари аныҟаҳҵо, даҽа уадаҩрақәак рхала иҭыԥқәҵахоит”, – иҳәеит Иоселиани.