Леван Давиҭашвили - Қырҭтәыла атранспорттә хырхарҭақәа 22% рыла еиҳаны апассаџьырцәеи 16.6% рыла еиҳаны аидареи иагоуп
Леван Давиҭашвили - Қырҭтәыла атранспорттә хырхарҭақәа 22% рыла еиҳаны апассаџьырцәеи 16.6% рыла еиҳаны аидареи иагоуп

2022 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы рзы,  Қырҭтәыла атранспорттә хырхарҭақәа рыла (автомобиотә, аижамҩатә, атәылауаҩратә авиациа) 12.8 миллион тонна аидара ииагоуп, ари арбага 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 16.6% рыла еиҳауп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аекономика аминистр Леван Давиҭашивли.

Аминистр иажәақәа рыла, ари атенденциала иубарҭоуп жәларбжьаратәи аидарамҩангаҩцәа Қырҭтәыла атранспорттә коридор аганахьала ринтерес иаҳауеит.

Қырҭтәыла Аекономика аминистрра аинформациала, 2022 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы азы автомобилтә транспорт ала иагоуп 6,8 миллион тонна аидара – ари арбага 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 15,2% рыла еиҳауп, аихамҩала – 6,1 миллион тонна аидара, ари арбага 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 18,1% рыла еиҳауп.

“2022 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы рзы Қырҭтәыла абаӷәазақәа – Ԥуҭи Баҭыми рыла ииагоуп  6,3 млн тонна аидара, ари арбага 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 17,9% рыла еиҳауп.  2022 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы рзы, Қырҭтәыла атранспорттә хырхарҭақәа рыла (автомобиотә, аижамҩатә, атәылауаҩратә авиациа) 122,3 млн. апассаџьырцәа ииаган, ари арбага 2021 шықәса иашьашәалоу аамҭа аҵкыс 22,0% рыла еиҳауп”, – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.