Латвиа Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегион Аԥсны жәабран 15 рзы изаамҭаным апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара иақәыӡбоит
Латвиа Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегион Аԥсны жәабран 15 рзы изаамҭаным апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара иақәыӡбоит, – иануп Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿы ишану ала, Латвиа “алхрақәа” изакәандароуп ҳәа аԥхьаӡоит, урҭ рылҵшәақәагьы рықәшаҳаҭхаӡом.
“Латвиа Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьаҟазарала ирыбжьарҵаз аибашьра аҟәыҵразы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны агах аҭакԥхықәрақәа зегьы нанагӡарц, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ақырҭуа регионқәа рхьыԥшымра мап ацәнакырц.
Латвиа даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа рҿы Қырҭтәыла атерриториалтә акзаареи асуверенитети шрыдгыло”, – иануп Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.