Лаша Шавдаҭуашвили  Париж имҩаҧысуа Ашлем ду атурнираҿ аиааира игеит
Лаша Шавдаҭуашвили  Париж имҩаҧысуа Ашлем ду атурнираҿ аиааира игеит

Иацы Франциа аҳҭнықалақьаҿ аӡиудо азы зпрестиж дуу атурнир иалагеит  – Ашлем ду парижтәи атурнир.

Атурнир актәи амшазы   60, 66,  73 кьыла акапантә категориаҿы ахацәеи,  иара убас, 48, 52, 57,  63 кьыла аканаптә категориаҿ аҳәсеи рыбжьара  амедальқәа дырхәмарит. Аицлабра иалахәын ҧшьҩык ақырҭуа ӡиудоистцә, урҭ рҟынтә, аӡәызаҵәык, Лаша  Шавдаҭуашвили (73 кьыла) афиналахь диасит.

Афиналаҿ ақырҭуа спортсмен минуҭкала бразилиатәи аӡиудоист  Даниель  Каргнини диааин, ахьтәы медаль игеит. Олимпиатәи ачемпиони, адунеи Европеи рчемпиони ҵыҧх парижтәи атурнир аҿы имаз  алҵшәа еиҭааирҧшит.

Иахьа Франциа аҳҭнықалақьаҿ даҽа ааҩык ақырҭуа ӡиудоистцәа иқәгылоит.