Аӡиудо | Лаша Беқаури  La Nucia European Open аҿы аиааира игеит  #1TVSPORT
Аӡиудо | Лаша Беқаури  La Nucia European Open аҿы аиааира игеит  #1TVSPORT

Испаниа имҩаҧысуа La Nucia European Open аҿы  ҩынтәны аолимпиатә чемпион, ақырҭуа ақәҧаҩ  Лаша Беқаури  (90 кг.) ахьтәы медаль игеит  – атурнир афиналаҿ Лаша аиспан Даниель Нието-Тринидад аа-секунд рыҩныҵҟала даҵаирхан, аолимпиатә хәмаррақәа рышьҭахь раҧхьатәи атитул иоуит.

La Nucia European Open аҿы еицырдыруа аӡиудоистцәа рацәа еицлабуамызт. Қырҭтәылантә Лаша Беқаури заҵәы иоуп иқәгылоз. Иара ари атурнир ихы иаирхәит рашәаразы имҩаҧысуа адунеи ачемпионат азы аҽазыҟаҵаратә етап аҳасабала.