Лаша Дарсалиа – Женеваҿ ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара алацәажәара ҳаналаго, Урыстәыла ахаҭарнакцәа аиҿцәажәара иаҟәыҵны, игыланы ицоит, 59-тәи араунд аҿгьы убасҵәҟьоуп ишыҟалаз
Женеваҿ ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара алацәажәара ҳаналаго, Урыстәыла ахаҭарнакцәа аиҿцәажәара иаҟәыҵны, игыланы ицоит, 59-тәи араунд аҿгьы убасҵәҟьоуп ишыҟалаз, – иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.
Дарсалиа ишиҳәаз ала, Урыстәыла иарбанзаалак зҵаарак алацәажәара иазыхиам.
„Рыцҳарас иҟалаз, ф-пункттәи аиқәшаҳаҭра пунктк аҿгьы апрогресс иҟам. Ишаҧу еиҧш, Женеваҿ ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара алацәажәара ҳаналаго, Урыстәыла ахаҭарнакцәа аиҿцәажәара иаҟәыҵны, игыланы ицоит, 59-тәи араунд аҿгьы убасҵәҟьоуп ишыҟалаз. Насгьы, ҳара Ҭамаз Гинтури ишьра азҵаара иқәҳаргылеит. Урыстәылатәи афедерациа ари азҵаарагьы конструктивла изамыхәаҧшит.
Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, уи раҧхьатәи хҭысым, Урыстәылатәи афедерациа уаанӡагьы амч ахы анархәон, рыцҳарас иҟалаз, сынтәа уи абри ауаҩшьрала ихыркәшан. Урыстәыла, абри аҩыза азҵаарақәа еснагь ашантажи ақәыҕәәҕареи азы рхы иадырхәоит, Қырҭтәыла аҳәаа адемаркациа-делимитациа азҵаара аҽаланархәырц рҭахуп, убри алагьы иубарҭоуп Урыстәылатәи афедерациа агәымбылџьбаратә азнеишьа шрымоу, дара рзы ауаҩы иҧсҭазаара изакәызаалак ҵакык амам“, – иҳәеит Лаша Дарсалиа.