Лана Галдава – Аоппозициаа рзы оппозициас ҳзыҟалом, ажәыларқәа рзы аҭакҟаҵара ҳахәҭам, ҳара-ҳара ҳпозициақәа пату рықәаҳҵароуп
Лана Галдава – Аоппозициаа рзы оппозициас ҳзыҟалом, ажәыларқәа рзы аҭакҟаҵара ҳахәҭам, ҳара-ҳара ҳпозициақәа пату рықәаҳҵароуп

«Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь амзартә алхрақәа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алегитимациа иадҳәалам, ҳара аоппозициаа рзы оппозициас ҳзыҟалом, ажәыларақәа рзы аҭак ҟаҳҵом», — илҳәеит апартиа  «Лело» алахәыла  Лана Галдава.

Лара лажәақәа рыла, апартиа  «Лело» аоппозициаа рпланқәа пату рықәырҵоит.

«Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа» аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа ирылахәхәоит. Абарҭ  амзартә алхрақәа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алегитимациа иадҳәалам, ҳара арҭ алхрақәа ҳрыхәаҧшуеит ақәҧаразы даҽа хархәагак аҳасабала, аҳара ари ақәҧара ҳхы алаҳархәоит.

Ҳара  аоппозициаа рзы оппозициас ҳзыҟалом, ажәыларақәа рзы аҭак ҟаҳҵом. Аоппозициаа рпланқәа пату рықәаҳҵоит. Насгьы,  иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп акзааразы иҳалшоз зегьы шыҟаҳҵаз. Аха,  акзаара аиқәыршәара ҳалымшазар,  ҳара-ҳара ҳпозициақәа пату рықәаҳҵароуп», — илҳәеит  Лана Галдава.