Лаҵара 3 инаркны лаҵара 12 налаҵаны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит
Лаҵара 3 инаркны лаҵара 12 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит
Лаҵара 3 инаркны лаҵара 12 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит, – Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Ишдыру ала, лаҵара 4-11 рзы Қырҭтәыла аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп, абри аӡбара ауаа реиҭаҵра армаҷра иазкуп. Акоординациатә хеилак аӡбара ала, лаҵара 3 инаркны лаҵара 12 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит», — иҳәеит Гьаргь Ҕибраӡе.