Лаҵара 12 рзы Аиашахаҵаратә уахәама азгәанаҭоит Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ  ила Қьырса иҳәатәхаҵара амш
Лаҵара 12 рзы Аиашахаҵаратә уахәама азгәанаҭоит Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ  ила Қьырса иҳәатәхаҵара амш

Иахьа Аиашахаҵаратә уахәама азгәанаҭоит  ацҳаражәҳәаҩ Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ  ила Қьырса иҳәатәхаҵара амш.

Ажәытә уасиаҭ инақәыршәаны, ацқьа Андеи Аҧхьанаҧхьаҩ иоуп зегьы раҧхьа Қьырса иҳәатәы иацныҟәаз, иара Қьырса дизааигеит иашьеиҳабы Симон Пиотр. Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Қьырса иҧсҭазаареи, иҧсреи, игылареи дашаҳаҭҩын. Аҧсы цқьа албаара ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ Андреи мрагыларатә тәылақәа рҿы ақьырсианра аларҵәара далагеит.

Иара Азиа Маҷи, Фракиеи, Македониеи, Амшын еиқәа аҟәареи, Ҟрыми дырхысит, Қырҭтәылагьы дыҟан, ари атәылашҟа иааигеит Анцәа Иан цқьа лныхачаҧа.

Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама ацҳаражәҳәаҩ цқьа имш азгәанаҭоит шықәсыкала ҩынтә  – лаҵара  12 рзы  — Қырҭтәыла данааи амши, ҧхынҷкәын 13еи, иҧсра амши.