Краснодартәи атәылаҽацә анапхгара ишаарыцҳаз ала, украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа Шәача иажәылеит, тәылауаҩык дҭахеит
Краснодартәи атәылаҽацә анапхгара ишаарыцҳаз ала, украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа Шәача иажәылеит, тәылауаҩык дҭахеит

Краснодартәи атәылаҽацә анапхгара ишаарыцҳаз ала, украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа Шәача иажәылеит.

Аԥырҩы дызҭам аҳаирпланк аԥҽыхақәа Авиационныи амҩаҟны иҟоу агаражқәа ирылаҳаит. Амцакра ҟалеит,уи иахҟьаны ԥҳәыс дҭахеит, аӡәы ахәрақәа лыманы ахәшәтәырҭахь днагоуп, – иануп Краснодартәи атәылаҽацә анапхгара ринформациа аҿы.

Афедералтә тәылаҽацәа “Сириус” администрациа ахада Дмитри Плишкин ишааицҳаз ала, анефттә база ааха аиуит.