Колумбиатәи Ареспубликаҿы Қырҭтәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Колумбиа ахада агәраргагатә шәҟәы ииҭеит
Колумбиатәи Ареспубликаҿы Қырҭтәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ (арезиденциа Бразилиаҿ) Зураб Мҷедлишвили Колумбиа ахада Густаво Петро агәраргагатә шәҟәы ииҭеит,- аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
АдәАР аинформациала, агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ацеремониа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа атәылақәа ирыбжьоу аусеицуреи аимадарақәеи рырҭбаара иазку азҵаарақәа ирыхәаԥшит.
Ацҳаражәҳәаҩ Зураб Мҷедлишвили Колумбиа ахада Густаво Петроиҭабуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгыларазы.
Ахада ихан аҟны имҩаԥгаз аиԥылара далахәун Колумбиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иоланда Вилависенсио.