Келли Дегнани  Америка ҧасатәи ацҳаражҳәаҩцәеи Қырҭтәыла ауаажәлар Ашықәс Ҿыц рыдырныҳәалеит [авидео]
Келли Дегнани  Америка ҧасатәи ацҳаражҳәаҩцәеи Қырҭтәыла ауаажәлар Ашықәс Ҿыц рыдырныҳәалеит [авидео]

 

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани  Америка ҧасатәи ацҳаражҳәаҩцәеи Қырҭтәыла ауааҧсыра Ашықәс Ҿыц рыдырныҳәалеит.

«Адунеи зехьынџьара ауааҧсыра зегьы рзы ари ашықәс даараӡа иуадаҩын. Аха  2020 шықәсатәи апроблемақәа Қырҭтәыла имҩаҧааго зҵакы дуу аус анагӡараҿы иаҳҧырхагамхеит. Ҳара аус еицааур,  имаҷымкәа аус бзиақәа рыҟаҵара ҳалшоит. Акоронавирус уи аҿы иаҳҧырхагахом.  Апандемиа ианалагаҵәҟьа,  ҳгәыҧ зегьы рҽеидыркылеит Қырҭтәыла ари апроблема аӡбара иацхраарц азыҳәан. Шәара имҩаҧыжәгаз аусура абзоурала имаҷымкәа ауааҧсыра рыҧсҭазаара еиқәхеит. Америкауааи ақырҭуааи изныкымкәа ишьақәдырҕәәҕахьеит апроблемақәа зегьы ирхьыҧшымкәа ишеидгыло.  Ҧаса Қырҭтәыла аус зуаз ацҳаражәҳәаҩцәагьы имаҷымкәа ашәҟәеи ашьҭамҭақәеи авидеонҵамҭақәеи  сзаарышьҭит.  Шәтәылаҿы имҩаҧыргаз ашықәсқәа ргәалашәоит,  Ашықәс ҿыц шәыдырныҳәалоит, шәыгәхьааргоит, араатәи рҩызцәа гәхьааргоит, бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьаршьоит», — илҳеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ.

Келли иҟалҵаз адныҳәалара иацуп ҧаса Қырҭтәыла аус зуаз ацҳаражәҳәаҩцәеи ацҳаражәҳәара аусзуҩцәеи. Урҭ иреиуп Джон Тефти, Джон Басси Ҳолли Ҳольцер Басси, Ричард Норланди Мери Ҳартнети, Иани Франческеи Келлии, Елизабед Руди, Еф Ренои, Кристин Робертси Джим Морриси, Бриџьит Бринки, Деџье Ҳолмси, убас егьырҭгьы.