Келли Дегнан – Рыцҳарас иҟалаз, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа иаҧырхагахаша хықәкылатәи акампаниа мҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит
Келли Дегнан – Рыцҳарас иҟалаз, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа иаҧырхагахаша хықәкылатәи акампаниа мҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит

«Рыцҳарас иҟалаз, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа иаҧырхагахаша хықәкылатәи акампаниа мҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан иахьатәи апрессконференциаҿы.

Келли Дегнан ишылҳәаз ала, Америка Қырҭтәыла иацхраауеит европатәи ахырхарҭала ҧхьаҟацара апроцессаҿ.

«Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара, ҧасеиҧш, ари амҩа иазгәыкуп.  Ари ахырхарҭала апрогресс ду ҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ишысҳәаз еиҧш, аусура ду мҩаҧгоуп, ақәҿиарақәа иҟоуп.  Евроеидгылеи НАТОи ралалара апроцессаҿ Қырҭтәыла ҳацхраауеит. Ари ахырхарҭала ақәҿиарақәа шәзеиҕьаҳшьоит, убри азоуп аус зшәыцаауа.  Аполитикцәа  — политикцәоуп. Сара исзырҳәо зегьы сазыӡырҩуам. Ауаа имцхәны ацәаныррақәа аадырҧшуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аус ауп хадара злоу. Амҩатә хсаала иҟоуп, аконкреттә шьаҿақәа ҟаҵатәуп. Атәыла аиҳабыреи аполитикцәеи абри амҩатә хсаала иақәныҟәар, ауааҧсыра ргәазыҳәара нарыгӡар шырҭаху шьақәдырҕәҕәоит. Ареформақәа мариам, уи зегьы ирдыруеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа иаҧырхагахаша хықәкылатәи акампаниа мҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит», — илҳәеит  Дегнан.