Келли Дегнан "Ажәлар рымч" рзакәанпроект иазкны – Қырҭтәыла ари азакәан аҭахым
«Ари азакәан адкылара заҭаху азы есымша амзыз ҿыц цәырҵуеит. Раҧхьа иргыланы, аартызаара иалацәажәоит, аха, аҳәаанырцәтәи ацхыраара уезгьы аартын. Абарҭ азакәанқәа рхықәкы Америка иҟоу азакәан еиҧшым», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан аҵысра «Ажәлар рымч» ахаҭарнакцәа ицәырыргаз азакәанпроект данахцәажәоз.
Келли Дегнан лҳәамҭала, Қырҭтәыла ари азакәан аҭахым.
«Арҭ азакәанқәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ацхыраара зҭаху ақырҭуаа ирыцхраауа егьырҭ ақырҭуаа рҧырхагахара ауп изызку. Зыӡбахәы ҳәоу азакәан атәылауаҩратә уаажәларра астигматизациа иазку урыстәылатәи азакәан еиҧшуп, даҽа гәаанагарак ахәаҽра иазкуп. Иахьа Урыстәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа шәрыхәаҧшыр, лабҿаба ижәбоит урыстәылатәи азакәанҧҵара атәылауаҩратә уаажәларреи даҽакала ахәыцреи ишаҿагыло.
Қырҭтәыла ахатә демократиа аргылареи ахатә хақәиҭрақәа рыхьчареи иазықәҧон. Абарҭ азакәанқәа Қырҭтәыла апрогресс иаҧырхагоуп. Убри азоуп ЕАР, Евроеидгыла, Америка уҳәа, 30 шықәса еиҳаны Қырҭтәыла ахақәиҭрақәа рыхьчареи аинститутқәа рыргылареи азы Қырҭтәыла аус ацызуа шәҩызцәа зегьы ари азҵаара изыргәамҵуа. Сара шәсазҵаауазар, Қырҭтәыла ари азакәан аҭахым», — илҳәеит Келли Дегнан.