Келли Дегнан – Ақырҭуааи америкауааи реимадара ҕәҕәоуп
Келли Дегнан – Ақырҭуааи америкауааи реимадара ҕәҕәоуп

Ҧхынгәы 4 рзы ҳара Америка Ахьыҧшымра амш иазгәаҳҭоит. Иахьа америкауаа зегьы лабҿаба аадырҧшуеит Ахьыҧшымра адекларациаҿы иарбоу  ахадаратә зинқәа — аҧсҭазаареи, ахақәиҭреи, анасыҧи рзы азинқәа  ҳаҭыр шрықәырҵо», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

«Абри амш азы ҳара ҳхақәиҭреи, ҳдемократиеи, ҳҭоурыхи иазгәаҳҭоит. Ҧхынгәы 4 рзы америкауаа даҽазнык ахадаратә хақәиҭрақәа ирызхәыцуеит. Аглобалтә пандемиа иҳгәаланаршәеит есымшатәи ахақәиҭрақәа реиҷаҳара ҵакыс иамоу. Иахьа, авирус аҵархара ҳақәгәыҕуа, аоптимизмла иазгәаҳҭоит Америка ахьыҧшымра 245-тәи ашықәсҵра, шәҳадгыл ахақәиҭра азгәаҭаразы.

Ҳара Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рыргыларазы аус еицаауеит. Қырҭтәыла ари апроцесс иалагеит  100 шықәса раҧхьа, аха, нас, ари апроцесс арыцҳарала иаанкылан. Ҳара Қырҭтәыла ацхраара наҳагӡоит. Ақырҭуааи америкауааи реимадара ҕәҕәоуп, избанзар ахьыҧшымреи адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи ҳазықәҧоит, аха, уи адагьы, адунеи зехьынџьара иҟоу америкауаа, иахьа еизоит ҳтрадициақәеи, ҳхақәиҭреи, ҳҭоурыхи ҳаҭыр ақәырҵарц азыҳәан. Сара згәыдурала иазгәасҭар сҭахуп ҳара Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы абри амш ақырҭуа ҳҩызцәа рыгәҭа ишазгәаҳҭо», — илҳәеит америкатә дипломат.