Келли Дегнан – Америка аӡбаратә процесс аҽаланагалеит ҳәа иарбанызаалак агәаанагара ииашам
«Америка аӡбаратә процесс аҽаланагалеит ҳәа иарбанызаалак агәаанагара ииашам», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.
Ацҳаражәҳәаҩ аӡбаҩ Лаша Чхикваӡе иахьа иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәарц илыҳәеит.
Дегнан ишылҳәаз ала, Америка кыршыса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла иацхраауеит ихьыҧшым иаарту аӡбаратә система аҧҵараҿы.
«Америка аӡбаратә процесс аҽаланагалеит ҳәа иарбанызаалак агәаанагара ииашам. Ҳара кыршыса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла ҳацхраауеит ихьыҧшым иаарту аӡбаратә система аҧҵараҿы. Абри ауп абра ҳусура зызку, Қырҭтәыла азакәан аиҳаӡара арҕәҕәара ҳацхраауеит. Ари ахықәкы анагӡаразы ақырҭуа ҳпартниорцәа аус рыцура наҳагӡоит, избанзар ихьыҧшым аӡбаратә система адемократиа ахадаратә ашьаҭақәа иреиуп», — илҳәеит Келли Дегнан.