Келли Дегнан – Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла, аӡбаратә реформа ахырхарҭала, аусура ду мҩаҧнагеит, аха, аҵыхәтәантәи ҧшьышықәса рыҩныҵҟа аполиткиатә ҭаххара шыҟам аабоит
Келли Дегнан – Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла, аӡбаратә реформа ахырхарҭала, аусура ду мҩаҧнагеит, аха, аҵыхәтәантәи ҧшьышықәса рыҩныҵҟа аполиткиатә ҭаххара шыҟам аабоит

Америка Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара ҕәҕәала иадгылоит, ҳара акандидат астатус аиураҿы ҳшәыцхраауеит, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан ажурналистцәа данрацәажәоз.

Лара лажәақәа рыла, акандидат астатус аиуразы ақырҭуаа аусеицура рықәшәоит.

«Акоррупциа алахәызаара иазкны иҵабыргыҵәҟьоу аинформациа анҳамоу, Америка азакәан инақәыршәаны, авизатә аҧкрақәа шьақәыргылатәуп. Қырҭ тәыла анапхгара алшара бзиа рымоуп акоррупциа аҿагылареи  ихьыҧшым аӡбаратә система аҧҵареи  шырҭаху аарҧшразы», — илҳәеит  Дегнан.

Адипломат ишылҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла, аӡбаратә реформа ахырхарҭала, аусура ду мҩаҧнагеит, аха, «аӡбаратә система аиҭакреи аӡбарҭа ахьыҧшымреи еиқәзыршәаша ҵзакы дуу ареформақәа рымҩаҧгаразы аҵыхәтәантәи ҧшьышықәса рыҩныҵҟа аполиткиатә ҭаххара шыҟам аабоит».