Каховкатәи аӡкыра аԥжәара аҭҵааразы Реџьеп Таип Ердоӷан Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи ЕАР-и рҽалархәрала акомиссиа аԥҵара аԥшьгара ала дықәгылоит
Каховкатәи аӡкыра аԥжәара аҭҵааразы Реџьеп Таип Ердоӷан Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи ЕАР-и рҽалархәрала акомиссиа аԥҵара аԥшьгара ала дықәгылоит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Каховкатәи аӡкыра аԥжәара аҭҵааразы  Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи ЕАР-и рҽалархәрала акомиссиа аԥҵара аԥшьгара ала дықәгылоит.

Реџьеп Таип Ердоӷан иадминистрациа аинформациа ала, Ҭырқәтәыла ахада ари иазгәеиҭеит Украина ахада Зеленски ҭелла даниацәажәоз. Реџьеп Таип Ердоӷан Урыстәыла ахада Владимир Путингьы диацәажәеит.

Ари ада, Реџьеп Таип Ердоӷан Зеленски даниацәажәоз иазгәеиҭеит, Анкара Москвеи Киеви рыбжьара аҭынчра ашьақәыргыларазы алагала аҟаҵаразы ашзыхиоу.