Каха Куҷава - Ека Тикараӡе хаангьы агәаҕьра лыгымызт, ареформақәа рымҩаҧгареи аӡбарақәа рыдкылареи дацәшәомызт
Каха Куҷава - Ека Тикараӡе хаангьы агәаҕьра лыгымызт, ареформақәа рымҩаҧгареи аӡбарақәа рыдкылареи дацәшәомызт

 

Апарламент ахантәаҩы  Каха Куҷава иҳәамҭала,  Екатерина  Тикараӡе хаангьы агәаҕьра лыгымызт, ареформақәа рымҩаҧгареи аӡбарақәа рыдкылареи дацәшәомызт.

Куҷава ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, анапхгаратә гәыҧ аҩнуҵҟа изакызаалак еиҿагыларак  иҟам.

Куҷава ишазгәеиҭаз ала, Тикараӡе лцынхәрас агәабзиарахьара аминистр иҭыҧ аанызкыло макьана идырым.

«Аҧыза-министр иоуп аӡбара здызкыло. Апарламент аҟынтә ақәшаҳаҭхара аҭахым, убри аҟынтә, ари азҵааразы аконсультациақәа мҩаҧаагом. Аглобалтә пандемиа аан Қырҭтәыла имаҷымкәа аетапқәа ирхысхьеит. Аиҳабыра русушьа згәаҧхозгьы дыҟан, изгәамҧхозгьы дыҟан. Аха, Ека Тикараӡе хаангьы агәаҕьра лыгымызт, ареформақәа рымҩаҧгареи аӡбарақәа рыдкылареи дацәшәомызт», — иҳәеит  Каха Куҷава.