Каха Калаӡе - Иҳаҩсыз шықәсыки бжаки ирылагӡаны Қырҭтәыла аполитикатә процессқәа даҽа лҵшәақәа рымазҭгьы, иконкрету агәыԥ амчра анапхараҿы иҟазҭгьы, Қарҭ аҭынчра қалақьс акәым, абшаьра қалақьс ҟаларын

Иҳаҩсыз шықәсыки бжаки ирылагӡаны Қырҭтәыла аполитикатә процессқәа даҽа лҵшәақәа рымазҭгьы, иконкрету агәыԥ амчра анапхараҿы иҟазҭгьы, Қарҭ аҭынчра қалақьс акәым, абшаьра қалақьс ҟаларын, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Каха Калаӡе иажәақәа рыла, аслоган ҿыц “Аҭынчра ақалақь” аполитикатә ашьҭымҭаӡам.

Қарҭ ахада ишааицҳаз, арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, атәылазы, ақалақь азы, ауааԥсыра рзы аҭынчра аҵак ду амоуп. Убри азоуп сынтә аҳҭнықалақь ари аслоган изамоу.

“Ақырҭуаа аҭынчра гәык-ала ирзхыҟоу киевтәи аҩызцәа ирзеиӷьашьуеит ҳәы сгәы иаанагоит. Аҭынчра ацивилизациа змоу адунеи аҿы еснагь зегь реиҳа ихадароу хәынаӡарас иԥхьаӡоуп, ас иҟан, иҟоуп, еснагь егьыҟалоит. Аҭынчра альтернатива амам. Аха џьоукы ари иргәаҳом. Ашықәс Ҿыцтәи аслоган аполитикатә ҵакы амам. Адунеи аҿы а ҭынчра ауа зегь реиҳа ихадоу”, – иҳәеит Калаӡе.