Каха Калаӡе иҳәамҭала, асанкциақәа здызкьыслаз ауааҧсыра Қырҭтәыла аилахәырақәа ррегистрациа рылшом
«Асанкциақәа здызкьыслаз ауааҧсыра Қырҭтәыла аилахәырақәа ррегистрациа рылшом», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Иара иажәақәа рыла, ари апроцесс агәаҭара мариоуп.
«Ари азҵаара аҵакы ду амоуп, избанзар, адунеи зехьынџьара асанкциақәа амч рымоуп. Асанкциақәа здызкьыслаз аилахәарақәа аадыруеит, уи агәаҭара мариоуп.
Уажәшьҭа ауаа раара азҵаара сазааҭгылар сҭахуп, ҳара аӡәгьы ҳаиҿагылом. Урыстәылеи, иара убас, Беларуи Украинеи ртәылауаа рацәа аауеит, ҳәарада, урҭ рызынтәгьы зхы иақәиҭу ақәыҧшылараҿы абизнес-усуреи Қырҭтәыла анхареи алшара раҳҭоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.