Каха Калаӡе  - Иахьа аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәзыргылаз ауаа ҳара иҳарҳәон Саакашвили инапхгара адемократиа алашарбаган  ҳәа
Каха Калаӡе  - Иахьа аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәзыргылаз ауаа ҳара иҳарҳәон Саакашвили инапхгара адемократиа алашарбаган  ҳәа

«Иахьа аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәзыргылаз ауаа ҳара иҳарҳәон Саакашвили инапхгара адемократиа алашарбаган  ҳәа», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Америка ақырҭуа аӡбаҩцәа ирзышьақәнаргылаз асанкциақәа ирыдҳәаланы.

Иара иажәақәа рыла, Америка, изакәызаалак аршаҳаҭгақәа цәырымгакәа,  абри аҩыза аӡбара адкылара ахәҭамызт.

«Аҭагылазаашьа мариоуп. Ҳара ибзиаӡаны иҳгәалашәоит  2012 шықәсанӡа атәылаҿ ҭагылазаашьас иҟаз.  Аӡбарҭа абжьааҧнытә анотараиус еиҧшын. Дара ирыдыркылоз ақәҵарақәа, анеҩс, ҳтәылауаа Страсбург иазашшуан. Усҟан Страсбурггтәи аӡбарҭа иалагалаз аусқәа рхыҧхьаӡареи уажәтәи ахыҧхьаӡареи еиҿаурҧшыр, иахьа аҭагылазаашьа зеиҧшроу ибзиаӡаны иубарҭахоит.   Арҭ адыррақәа аартуп, ауааҧсыра зегьы ирбар рылшоит.  Саакашвили дызхагылаз ашьаарҵәыратә режим ҳгәалашәоит. Изакәызаалак аршаҳаҭгак цәырымгакәа иахьа  аӡбаҩцәа асанкциақәа рзышьақәзыргылаз ауаа ҳара иҳарҳәон Саакашвили инапхгара адемократиа алашарбаган  ҳәа.  Қырҭтәыла ауааҧсыра ҟәышуп. Агәра ганы сыҟоуп дара анализ иаша шыҟарҵо, —  Каха Калаӡе.