Каха Калаӡе  - Ҳара аханатәгьы Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ҳахәҭан
Каха Калаӡе  - Ҳара аханатәгьы Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ҳахәҭан

 

Қарҭ ахада  Каха Калаӡе даҽазнык иазгәеиҭеит  Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьап ҳәа дышгәыҕуа, избанзар, атәыла уи азыҳәан иаҭахыз ареформақәа зегьы мҩаҧнагеит.

«Қырҭтәыла акандидат астатус аиуразы иаҭахыз зегьы ҟанаҵеит. Ҳара аханатәгьы ари астатус ҳахәҭан,  дара ирыдыркылаз аӡбара ииашамызт.  Уи зыҟарҵазгьы аадыруеит, аха, ари азҵаара сазыхынҳәыр сҭахым. Ҳара аконкреттә план ҳарҭеит, ҳара уи наҳагӡеит. Нас, иацҵаны абжьагарақәа ҳарҭеит, урҭгьы наҳагӡеит. Агәра ганы ҳаҟоуп атәыла акандидат астатус ишаиуа. Қырҭтәыла астатус зарымҭаша аргументкгьы иҟам», — иҳәеит  Каха Калаӡе.