Каха Калаӡе - Гудаури, авиамашәыр аҿы иҭахаз рыуацәеи амҩатә машәыр аҿы иҭахаз Мамука Онашвили иуацәеи даҽазнык срыдашшылар сҭахуп
Каха Калаӡе - Гудаури, авиамашәыр аҿы иҭахаз рыуацәеи амҩатә машәыр аҿы иҭахаз Мамука Онашвили иуацәеи даҽазнык срыдашшылар сҭахуп

Қарҭ ахада Каха Калаӡе амуниципалитет аиҳабыра аилатәара аҿы Гудаури иҟалаз арыцҳараан иҭахаз атәылауаа рыуацәа дрыдашшылеит.

“Иҳаҩыз амчыбжь азы иҟалаз арыцҳара сазааҭгылар сҭахуп. Ари арыцҳара ду амшала Қырҭтәыла зегьы алахь еиқәуп. Ауаа рыԥсҭазаара еиқәзырхоз, зыхьчоз афырхацәа – аиқәырхаҩцәа, апилотцәа, аҳақьымцәа аиқәырхаратә аоперациаан ҭахеит. Ари  ҳара ҳаззегьы рзы ихьаа дууп.  Гудаури, авиамашәыр аҿы иҭахаз рыуацәеи амҩатә машәыр аҿы иҭахаз Мамука Онашвили иуацәеи даҽазнык срыдашшылар сҭахуп”, – иазгәеиҭеит Каха Калаӡе.