Каха Калаӡе - Гәыԥҩык европатәи абиурократцәа ршантаж иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла аинтересқәа ирзыхәачуам
Алхрақәа рҿы европатәи абиурократцәа иаҵахеит, ақырҭуа жәлар урҭ мап рарҳәеит, убри азоуп ргәы изԥжәо, ашантаж ахьыҳзыруо, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Калаӡе иажәақәа рыла, гәыԥҩык европатәи абиурократцәа ршантаж иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла аинтересқәа ирҭшәом.
“Аҭакԥхықәра акоррупциа знапы алаку, ақырҭуа жәлар ашантаж бызшәала ирацәажәо европатәи абиурократцәа ирыдуп. Ари алшара аӡәгьы иаҳҭом. Абри еиԥш арезолиуциақәа рацәаны ҳаԥхьахьеит. Ашантаж рацәаны иаҳгәалашәоит. Гәыԥҩык европатәи абиурократцәа ршантаж иахәамԥшыкәа, Қырҭтәыла аинтересқәа ирҭшәом. Алхрақәа рҿы европатәи абиурократцәа иаҵахеит, ақырҭуа жәлар урҭ мап рарҳәеит, убри азоуп ргәы изԥжәо, ашантаж ахьыҳзыруо”, – иҳәеит Қалаӡе.