Каха Калаӡе - Ҕарибашвилии, Калаӡеи, ма Кобахиӡеи ркадрқәа иҟам, „Ақырҭуа гәахәтәы“ акадрқәа роуп иҟоу
Ҕарибашвилии, Калаӡеи, ма Кобахиӡеи ркадрқәа иҟам, „Ақырҭуа гәахәтәы“ акадрқәа роуп иҟоу, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз. Ажурналистцәа иара иазҵааит аиҳабыра радминистрациаҿы Ҕарибашвили икадрқәа рамхра иаҿума ҳәа.
„Уи гаӡароуп. Ҕарибашвили, Калаӡе, ма Кобахиӡе ркадрқәа иҟам, „Ақырҭуа гәахәтәы“ акадрқәа роуп иҟоу. Ҳара „Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла“ захьӡу гәыҧк ҳаҵанакуеит, – иҳәеит Каха Калаӡе.
Аиҳабыраҿ иҟалаз аҧсахрақәа ирыдҳәаланы Калаӡе ишиҳәаз ала, уи абжьааҧнытә процессуп, аҧыза-министр иоуп аӡбарақәа здызкыло.