Каха Калаӡе - Европатәи абиурократцәа Қырҭтәыла амчрахь рхатә агентцәа раагара рылымшеит, убри иахҟьоуп абри еиԥш аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо
Каха Калаӡе - Европатәи абиурократцәа Қырҭтәыла амчрахь рхатә агентцәа раагара рылымшеит, убри иахҟьоуп абри еиԥш аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо

“Европатәи абиурократцәа Қырҭтәыла амчрахь рхатә агентцәа раагара рылымшеит, убри иахҟьоуп абри еиԥш аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо”, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Калаӡе ажурналистцәа ишраиҳәаз ала, гәыԥҩык европатәи адепутатцәа Қырҭтәыла апатриоттә аиҳабыра ахьамоу ргәы иахәом.

«Ҳара иаҳдыруеит абарҭ аҳәамҭақәа зыхҟьо. Ари ақырҭуа уаажәларразы иҿыцӡам. Гәыԥҩык европатәи абиурократцәа Қырҭтәыла имҩаԥгаз алхрақәа рҿы аҵахеит.

Урҭ ааԥхьара ҟарҵон аартызаара иазку азакәан мап ацәаҳкырц, аха Брюссель иахьагьыабри еиԥш азакәан адкылара иахцәажәоит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәаанырцәа аҟынтә афинансркра змаз аҳәынҭәарра аарҳәра аҽазкрақәак иҟан. Европатәи абиурократцәа Қырҭтәыла амчрахь рхатә агентцәа раагара рылымшеит, убри иахҟьоуп абри еиԥш аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо», — иҳәеит Қарҭ ахада.