Каха Калаӡе  - Евроинтеграциа амҩаҿ иахьа акы ҟаҵаны уаҵәы иузаанкылом, ари апроцесс инагӡоит
Каха Калаӡе  - Евроинтеграциа амҩаҿ иахьа акы ҟаҵаны уаҵәы иузаанкылом, ари апроцесс инагӡоит

Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, евроинтеграциа амҩаҿ акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп, ари апроцесс инагӡоит.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра ареформақәа рымҩаҧгаразы,  уаҵәтәи амш иаҳа еиҕьзарц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

«Инеизакны иуҳәозар, аҵыхәтәантәи аамҭазы ари ахырхарҭала акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп. Абри зегьы  ишалагоз шәгәалашәома?  Қырҭтәыла абри астатус ахәҭоуп, аха, мзызқәак рымшала, ҳара астатус ҳмоуӡит, изҳарымҭазгьы ҳазынтәгьы иаадыруеит.  Убри анеҩс, 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу аплан ҳарҭеит.  Ҳәарада, уи анагӡараан аус рыцаауан, аинструкциақәа зегьы ҳрықәныҟәоит, ари апроцесс инагӡоит.   Евроинтеграциа апроцессаҿ иахьа акы ҟаҵаны уаҵәы иузаанкылом, ари апроцесс инагӡоит.  Қырҭтәыла аиҳабыра ареформақәа рымҩаҧгаразы,  уаҵәтәи амш иаҳа еиҕьзарц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟарҵоит », — сказал Каха Каладзе.