Каха Калаӡе  - Евроинтеграциа аҵакы ду амоуп, ҳара аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит, аха, ҳаҳаҭыри, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи, ҳхьыҧшымреи ҳахьчароуп
Каха Калаӡе  - Евроинтеграциа аҵакы ду амоуп, ҳара аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит, аха, ҳаҳаҭыри, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи, ҳхьыҧшымреи ҳахьчароуп

«Евроинтеграциа аҵакы ду амоуп, ҳара аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит, аха, ҳаҳаҭыри, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи, ҳхьыҧшымреи ҳахьчароуп», — иҳәеит Қарҭ ахада  Каха Калаӡе.

«Ҳара ҳаҳаҭыри, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи, ҳхьыҧшымреи ҳахьчароуп,  асанкциақәа рықәныҟәареи аибашьра аҽалагалареи анҳабжьарго  уи аҵакы ду амоуп.  Иахьа абри аҩыза аҳәамҭақәа рацәоуп, урҭ ҟазҵо ижәдыруеит. Евроинтеграциа аҵакы ду амоуп, ҳара ари ахырхарҭала аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵоит, аха, ҳаҳаҭыри ҳхьыҧшымреи ҳахьчароуп.

Ҳара, анапхгаратә гәыҧ атәылаҿы аҭынчра ахьчароуп иаҳҭаху, избанзар, уи альтернатива амам. Аекономикатә азҳареи атәыла аҿиареи  еиқәҳаршәароуп», — иҳәеит  Калаӡе.