Каха Калаӡе - Ацҳаражәҳәарақәак атәылаҿ аибарххара ҟаларц азы аҩныҵҟатәи ҳусқәа рҽалагалара иаҿуп
Каха Калаӡе - Ацҳаражәҳәарақәак атәылаҿ аибарххара ҟаларц азы аҩныҵҟатәи ҳусқәа рҽалагалара иаҿуп

Ацҳаражәҳәарақәак атәылаҿ аибарххара, ареволиуциа ҟаларц азы аҩныҵҟатәи ҳусқәа рҽалагалара иаҿуп, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Калаҳе иажәақәа рыла, адипкорпус абри еиԥш аҭагылазаашьа иадгылоит.

“Ацҳаражәҳәарақәак атәылаҿ аибарххара, ареволиуциа ҟаларц азы аҩныҵҟатәи ҳусқәа рҽалагалара, акциақәа рыдгылара, ареволиуциатә сценари адгылара иаҿуп. Ари аԥара иабантәаауеи? Елисашвили Мамука Мдинараӡе даниқәла, аҳәамҭа ҟарҵама, даара ргәы иаахәеит ҳәа сгәы иаанагоит. Арҭ ауаа амчылаҩцәа роуп. Аполициа хаҭарнакцәа “Молотов икоктеиль” аныргәыдырҵоз, анрықәлоз иабаҟаз арҭ ауаа, арҭ афактқәа ирҿагылама? Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри аусуҩцәеи даҽазнык иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп!”, -иҳәеит Калаӡе.