Каха Калаӡе  – Арыцҳара ду ҟалеит, ари  афакт ҳаршанхеит, изхароу зегьы ахьырхәра ҕәҕәа роуеит
Каха Калаӡе  – Арыцҳара ду ҟалеит, ари  афакт ҳаршанхеит, изхароу зегьы ахьырхәра ҕәҕәа роуеит

 

«Арыцҳара ду ҟалеит, ари  афакт ҳаршанхеит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Хечинашвили ихьӡ зху аклиникаҿ даныҟаз.

Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, аусеилыргара иалагахьеит, изхароу ауаа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа роуеит.

«Ахадаратә усурақәа нанагӡон  «Гринсервис». Апроект иалгеижьҭеи акырҵуеит.

Арыцҳара ду ҟалеит, ари  афакт ҳаршанхеит.  Рызынтәгьы аҭакҧхықәра рыдуп, изхароу зегьы иахәҭоу аҭак роуеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Аларҵара зуз аинформациала, Ваке апаркаҿ ихәмаруаз ахәыҷқәа рымпыл аӡыршә иҭаҳаит. Ампыл анҭыргоз хҩык ахәыҷқәа афымца рысит.  Ҩыџьа ахәыҷқәа зыҧшра ҟамҵакәа ахәышәтәырҭашҟа инаган.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ ала  —  афымцеи, аҧхарратә енергиеи, агази, анефҭи, анефҭаалыҵи аобиектқәа рҿы ашәарҭадара апҟрақәа реилагаразы.